Урыстәылаа иалыркааит уаанӡатәии иахьатәии атәыла афырхацәа

Ҭелла азҵаарамҩаԥгара иалахәын 18 шықәса ирҭысхьоу 1600-ҩык урыстәылаа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 28 - Sputnik. Ииасхьоу аамҭаз иналукааша ахаҿсахьақәа рҟынтә урыстәылаа далыркааит Александр Пушкин, иахьатәи аамҭазы иналукааша хаҿсахьаны иӡбахә рҳәеит - Владимир Путин. Абри атәы аанацҳауеит ауаажәларратә гәаанагара аҭҵааразы Урыстәылазегьтәи Ацентр (ВЦИОМ) асаит.
Аурыс поет Пушкин изы рыбжьы арҭеит 21%, Петр I - 20%, Иосиф Сталин - 17% .
Ҳаамҭазтәи Урыстәыла асимволқәа ҳәа зыхьӡ ҳәоу асиа актәи аҭыԥаҿ дыҟоуп Урыстәыла ахада Владимир Путин, иара иӡбахә рҳәеит изызҵааз - 28%, аҩбатәи аҭыԥ аҟны Сергеи Шоигу - 7%, Сергеи Лавров -5%.
Атәылауаа реиҳараҩык ргәаанагарала иахьатәи аамҭаз Урыстәыла иасимволуп аҳәынҭқарратә усзуҩцәа. Убри аан ажәытәтәиқәа еиҳа ргәаларшәара рзымариан.