Аԥсны

Апарламент адепутатцәа аҭыԥантәи аусбарҭақәа рхадацәа ирԥылеит

Аиԥылара иалахәын ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа, ақалақьтә еизарақәа рхантәаҩцәа, арратә комиссариатқәа рхаҭарнакцәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа аҭыԥантәи аусбарҭақәа рхадацәа ирԥылеит ҳәа аанацҳауеит азакәанԥҵаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Иахьатәи ҳаиԥылара ҳгәылатә ҳәынҭқарра, ҳастратегиатә партниор – Урыстәылатәи Афедерациа аҿы имҩаԥысуа еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ҵаҵӷәыс иамоуп. Акыр агәҽанҵара ҳаманы ҳаҟазароуп", - ҳәа иҳәеит аиԥылара аартуа Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба.
Ашәба Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара амҩаԥысреи, амобилизациатә ҽазыҟаҵара аиӷьтәразы Аминистрцәа реилазаараҟны аусутә гәыԥ аԥҵареи, ареспублика атәылахьчаратә усбарҭа рԥылареи ртәы далацәажәеит.
Аиԥылараҟны аганқәа еиуеиԥшым азҵаарақәа, арратә комиссариатқәа русура аиӷьтәра, аҭыԥантәи анапхгарақәеи, аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәеи дареи реинырра назлоу ирылацәажәеит.
Аԥсны
Аԥсны аҽеизакратә ҽазыҟаҵара аиӷьтәраз аусутә гәыԥ аԥҵоуп