Аԥсны

Арӡынба: аԥсуа жәлар рзы ихадароу- аҽеидкылароуп

Аԥсны адәныҟаполитикатә усҳәарҭа ахада Беларусиа ахада Александр Лукашенко Аԥсны официалла иҟазаара аихшьаалақәа рыла аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Александр Лукашенко Аԥсныҟа иара ареспубликаз иҿыцу алшарақәа аанартуеит ҳәа иҳәеит Аԥсны ААР ахада Инал Арӡынба.
Иара иҳәеит аԥсуа жәлар рзы ихадароу - аҽеидкылароуп ҳәа.
"Сара сгәаанагарала, иахьатәи аамҭазы ҳажәлар рзы ихадараны иҟоу аидгылароуп, ҳхада Аслан Гьаргь-иԥа ҳивагыланы ақәҿиарақәа алыршо ԥхьаҟа ацароуп, ихьыԥшым Аԥсны ԥхьаҟатәи аизҳазыӷьара аидеиа адгылара аҭароуп", - иҳәеит Арӡынба.
Беларуссиа ахада Александр Лукашенко цәыббра 28 азы раԥхьаӡа акәны аофициалтә ныҟәарыла Аԥсны даҭааит. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи иареи ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит.