Аԥсны

Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Александр Невски иԥсыбаҩ аҟәырҷахақәеи аныхачаԥеи арҭеит

Аҳамҭа рырҭеит аашықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны аус зуа иргәаҟыз аԥшьа Вонифати ихьӡ зху агәыҳалалратә фонди “Анцәа дхасҵар сҭахуп” захьӡу афонди.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Александр Невски иԥсыбаҩ аҟәырҷахақәеи аныхачаԥеи ҳамҭас иарҭеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит афонд "Анцәа дхасҵар сҭахуп" анапхгаҩы Иулиа Павлиученкова.

“Ацҳаражәҳәарҭа иаҳҭеит Александр Невски иныхачаԥа. Александр Невски раԥхьа иргылан ддипломатын, аҳәынҭқарратә усзуҩын. Иара адипломатцәа дырхылаԥшҩын. Ааигәа Урыстәыла ААР аҟны ибаҟа ықәыргылан", - лҳәеит Павлученкова.

Афондқәа иара убас, аибашьҩы-аԥшьа Феодор Ушаков иныхачаԥеи Анцәа иџьар ахәҭаки ирҭеит абыжьбатәи арратә база аныхаԥааҩ.
Цәыббра 27 рзы, Анцәа иан лылацәеиқәыԥсара ауахәама иарҭеит Анцәа иџьар ахәҭа злоу аџьар. Уаанӡа ари аныхабааш аҿы иҟан Анцәа иџьар, аха уи ыӡит.