Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи аруаа ахҵәацәа рколонна иеихсит Харьковтәи аобласт аҿы

УАМ иааиԥмырҟьаӡакәа ажәыларақәа ахьымҩаԥырго иахҟьаны амаҵзура ҷыдақәа ирылшом ихәуи иҭахази ралгара.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Харьковтәи аобласт аҿы ахҵәацәа рколонна украинатәи аруаа риеихсраан ауаа ҭахеит, абри атәы РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Лугансктәи Жәлар рреспублика Москва иҟоу ахаҭарнакра ахада Родион Мирошник.
Иара иҳәеит 30-ҩык, ахәыҷқәа назлоу ахҵәацәа ҭахеит УАМ аколонна ианиеихсуаз ҳәа.

"Харьковтәи аобласт аҿы активла аибашьра ианалага ашьҭахь ирацәаҩхеит Урыстәыла, Белгородтәи аобласт ахь ицо, ма ЛЖәР аҵакыра иалсуа рхыԥхьаӡара", - иҳәеит ателеканал "Россия 24" аефир аҟны Родион Мирошник.

Жәабран 24 раахыс Урыстәыла Украина абџьархыхразы арратә операциа ҷыда мҩаԥнагоит.