Аԥсны

Аслан Бжьаниа зых иақәиҭтәу аҵакырақәа рхадацәа Урыстәыла иахьахәҭакхаз рыдиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Донецки Лугански Жәлар Рреспубликақәеи, Запорожиатәи Херсонстәи аобластқәеи рхадацәа Урыстәыла иахьахәҭакхаз рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Иахьа ҳара шаҳаҭра азаҳуеит шәыдгьыл аҟны аҭоурыхтә иашара ашьақәырӷәӷәара. Шәгәырӷьара шәыцеиҩаҳшоит. Еиуеиԥшым апровокациақәа, аԥсҭазааразы ишәарҭаз аҭагылазаашьақәа шыҟазгьы, Урыстәыла ацынхаразы зегьы ишәымаз агәаҳәара шәеицҿакны ареферендумқәа рыҟны иаашәырԥшит. ДЖәРи, ЛЖәРи, Херсонтәи, Запорожиатәи аобластқәа рҟны инхо ауааԥсыра рдоуҳамч аҿаԥҽра залыршахом", - аҳәоит адныҳәалараҿы.
Атәыла ахада зых иақәиҭу аҵакырақәа руааԥсыра аҭынчреи аизҳазыгьареи рзеиӷьеишьеит.
Донбасс, Херсонтәи аобласт, зых иақәиҭтәу Запорожиетәи аобласт рҿы Урыстәыла адларазы ареферендумқәа мҩаԥысуан цәыббра 23-27 рзы.
Цәыббра 30 рзы Кремль Владимир Путини ДЖәРи, ЛЖәРи, Херсонтәи, Запорожиатәи аобластқәа рхадацәеи Урыстәыла ацакыра ҿыцқәа иахәҭакзарц аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
ДЖәРи, ЛЖәРи, Херсонтәи аобласти Запорожиеи Урыстәыла иахәҭакхеит