Аԥсны

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи аҳаҭыраз аныҳәатә концерт мҩаԥысит

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш ҳтәыла араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҟны иазгәарҭоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik. Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи аҳаҭыраз аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа злахәыз аныҳәатә концерт мҩаԥысит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟны.
Аконцерт иаҭааит атәыла ауааԥсыра реиԥш хыԥхьаӡарала рацәала асасцәагьы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан ҭынч итәаны аконцерт иахәаԥшоз реиԥш ишәаҳәоз-икәашоз.
Аиааира Апарад: Аҟәа аныҳәа ишаԥылаз
Артистцәа инарыгӡеит 1992-1993 шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалиаази, уи ашьҭахь иаԥҵази ашәақәа.
Аконцерт аҟны иқәгылеит агәыԥ "Аԥсны -67", Нарсоу Абыхәба, Џьымми Шәманиа, Авто Конџьариа, Анатоли Алҭеиба, Ҭимыр Ҭаниа уҳәа ирацәаҩны.
Аныҳәатә концерт еиҿнакааит Аԥсны акультура аминистрра.