Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҳаџьымԥҳа аибашьра аветеранцәа рыҿцәажәарақәа аҭаҩра иазкны

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рыҿцәажәарақәа аҭаҩра иаҿу Саида Ҳаџьымԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, апроект амҩаԥгара иацу ауадаҩрақәеи, урҭ аиҿцәажәарақәа илнаҭои, апроект аԥхьаҟатәи аԥеиԥши ртәы.
Sputnik
Аветеранцәа рыҿцәажәара – ари шьҭа сыԥсҭазаара иахәҭакхеит, проектк аҳасабала исыԥхьаӡаӡом, аханатә ари ас сагәыланахалоит ҳәа схахьы исзаагаӡомызт, аха знык аибашьра атема иагәылалаз, гәылҵшьа имаӡам, ҳәа азгәалҭеит лара.
"Раԥхьатәи анҵамҭа ҟаҳҵон 2020 шықәса рзы, данаҳҵон усҟан аҳазалхратә еилакы напхгаҩыс иҟаз Гәырам Инаԥшь, анаҩс ари аус аҿы иарӷьажәҩаны исыдгылоу ауаҩы. Абарҭ анҵамҭақәа ҟасҵоижьҭеи урҭ срылҵны схатә ԥсҭазаарахь схынҳәуеит ҳәа сызбаҳәаӡом. Иара шуцыц иуцуп. Убри аҩыза хҭыск узеиҭарҳәоит, иара иануҵо иҟнытә аҩныҟа амҩа уқәнаҵ ушьара уқәӡам. Ԥҟараны убас ишьҭысхит, иахьа иҟасҵаз анҵамҭа, уи 7-8 сааҭ ицозаргьы, уаха умыцәаргьы, иуршаргьы, аҭыԥ иқәҵатәуп. Избанзар, аматериал уагәылалар нас, акгьы ԥшаашьа амаӡам. Ари уаунашьҭӡом. Уаҩ иимбац ахыхь уманы уаауеит, аха убри аҟара ууаҩны уаауеит, ажәала ҳәашьа сымаӡам. Рлакҭа ихыубаало, ргәаҵантәи иаауа жәацыԥхьаӡа иануаҳауа, уԥсадгьыл, ужәлар, ажәа аҵакы ахьыҵәаху ашьаҭаҿы унаганы, иурбаны, иуеилыркааны, ууаҩны аҩныҟа ухынҳәуеит. Аԥсҭазаара аҵакы хада уеилзыркаауа акәны избоит", - азгәалҭеит Ҳаџьымԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.