Аԥсны

Гагра имҩаԥысуаз ашахматтә турнир иаиааиз еилкаахеит

Аиааира амши Гагра араион ахақәиҭра 30 шықәса ахыҵреи ирызкны имҩаԥгаз ашахмат азы аицлабра иаиааиз Шәачатәи атурнир иалахәхоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 30 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи 29 шықәса аҳаҭыраз ашахматтә турнир мҩаԥысит Гагра, абри атәы иҳәеит аицлабра аиҿкааҩцәа иреиуоу, аицлабрақәа рыӡбаҩ хада Альберт Карапетиан.
Карапетиан иажәақәа рыла, ашахмат азы аицлабра иалахәын Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Аҟәа рҟынтәи шәҩык рҟынӡа аспортсменцәа.
13 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Илиа Шмаль- Гагрантәи, аӡӷабцәа рыбжьара -Александра Тарнааԥҳа- Гагра.
9 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ақәыԥшцәа рыбжьара ахьы даԥсахеит Дамир Ҳалуашь- Гәдоуҭа, аӡӷабцәа рыбжьара Нила Бганԥҳа- Гагра.
"Аныҳәатә гәалаҟазаара ацны имҩаԥысит арҭ аицлабрақәа. Ахәыҷқәа рҭаацәеи дареи ргәы хыҭхыҭуа алҵшәақәа ирзыԥшын. 13 шықәса зхыҵуа рыбжьара аҟны аицлабра ӷәӷәан", - иҳәеит иара.
Гагра имҩаԥгаз ашахматтә турнир иаиааиз жьҭаара 15 рзы Шәача имҩаԥгахо аицлабрақәа ирылахәхоит ҳәа иҳәеит Карапетиан.