АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik. Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәарҭеит Гәдоуҭа.
Араион ахадареи, аибашьра аветеранцәеи, анацәеи, ауацәеи, аҳәынҭусбарҭақәа русзуҩцәеи, ауаажәларреи ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, уи ашьҭахь агәаларшәагатә митинг мҩаԥган.
Гәдоуҭа араион арратә комиссар ихаҭыԥуаҩ Роман Цыгәба иҳәеит, Аԥсны аиааиреи ахьыԥшымреи рхы ақәырҵеит шәҩыла ҳтәыла аԥацәеи аԥхацәеи, хатәгәаԥхарала еибашьуази. Иҭахаз минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит.
Аԥсны Афырхаҵа Џьамал Аиба аибашьра аветеранцәа рыхьӡала еизаз зегьы Аиааира амш рыдиныҳәалеит.
"29 шықәса раԥхьа аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала ицо Аԥсны аҳәааҿы. Аԥсадгьыл ахьчаразы игылаз ҳџьынџьуаа, Нхыҵ Кавказынтәи иааз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, Алада Урыстәыла аказакцәа, Урыстәыла егьырҭ арегионқәа рыҟнытә хатәгәаԥхарала еибашьра иааз ирыбзоуроуп ари аиааира", - иҳәеит иара.
Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Ақырҭуа Ҳәынҭсовет архәҭақәа, аихамҩа ахьчара ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит, иалагеит 413 мши ҵхи ицоз, хә-нызқьҩык рҟынӡа аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаарақәа згаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аибашьра Аԥсны аекономика, акультура, аҭҵаарадырра ааха ду анаҭеит.
1993 шықәса, цәыббра 30 рзы ихыркәшахеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала ицо Аԥсны аҳәааҿы.