Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин Херсонтәи Запорожтәи аҵакырақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы аусԥҟақәа инапы рыҵеиҩит

Донбасс, Херсонтәи аобласт, зых иақәиҭтәу Запорожиетәи аобласт рҿы Урыстәыла адларазы ареферендумқәа мҩаԥысуан цәыббра 23-27 рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 30- Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Херсонтәи Запорожтәи аҵакырақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы аусԥҟақәа инапы рыҵеиҩит, абри атәы аанацҳауеит азинтә информациа аофициалтә портал.
"Еиду амилаҭқәа реиҿкаара аԥҟаԥҵәа иарбоу жәларбжьаратәи азинтә нормақәеи апринципқәеи, ишьаҭанкылатәу жәларбжьаратәи ашәҟәқәеи шьаҭас иҟаҵаны, цәыббра 27 2022 шықәсазы Херсонтәи аобласт аҟны имҩаԥгаз ареферендум алҵшәақәа рыла: Херсонтәи аобласт ахьыԥшымра азхаҵоуп", - аҳәоит аусԥҟа.
Аиԥш зеиԥшу ақәҵараҟны иазгәаҭоуп Запорожтәи аобласт ахьыԥшымра шазхаҵо.
Донбасс, Херсонтәи аобласт, зых иақәиҭтәу Запорожиетәи аобласт рҿы Урыстәыла адларазы ареферендумқәа мҩаԥысуан цәыббра 23-27 рзы. ДЖәР аҿы абри азы рыбжьы арҭеит 99,23%, ЛЖәР – 98,42%, Херсонтәи аобласт - 87,05%, Запорожие - 93,11%.