Арадио

Арсалиаԥҳа лашьцәа аибашьра рцаразы: схәыҷымзи, сан иаанылкыларц сҭахын

Аԥсны афырхаҵа Баҭал Арсалиа аррамаҵзура ихганы шықәсык ааҵуаны еиԥш аибашьра иалагеит. Иара ихыҵуан 22 шықәса. Баҭал дахьеибашьуаз, дызлаз агәыԥ, насгьы иҭахара шыҟалаз атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит иаҳәшьа Ельвира Арсалиаԥҳа.
Sputnik
Баҭал быжьшықәса рыла дсеиҳабын, усҟан дсеиҳаушәа збон, аха иахьа еилыскаауеит, шаҟа дқәыԥшыз аибашьра данцоз лҳәеит Арсалиаԥҳа аиҿцәажәараан.
"Гагра аҭарцәара Баҭал раԥхьатәи ижәылара акәын. Август 25 рзы иара ӷәӷәала дхәын. Иара далан абаталион "Маҳадыр". Усҟан ибӷа иалаз ахы аԥҽыха аӷьара ацәыцәгьахеит, ҩымз-хымз ахәышәтәырҭаҿы дыҟан. Аха, ианвар азы абаталион дәықәырҵеит Ешыраҟа, убысҟан иара иҩызцәа дрыцны дцеит. Шрома уҳәа егьырҭ ақыҭақәа рҭарцәраан иара илшеит иҭахаз иҩызцәа ралгара. Сентиабртәи ажәылараан иара иҩшьапык ӷәӷәала ихәын, агоспиталь ахь диарагеит. Ҳгәы иҭан Аԥсны иалгара, иԥҟара, избанзар ихәрақәа ахьаа бааԥсы инаҭон. Аха Аиааира амш ашьҭахь ноибрмзазы Егрытәи аҳәаа ахьчаразы ишцоз иашьа Арсалиа Валереи иареи рмашьына еихсны иҭадырхеит. Иара данԥсы ашьҭахь ианаршьеит Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ", - еиҭалҳәеит Арсалиаԥҳа.
Ҳәарада, аамҭа цацыԥхьаӡа ахьаа ӷьап ҳәа ухәыцуеит, аха уи иахәаӡом, ари иахәо аԥсҭазаара бзиа, ҳҳәынҭқарра аиҭаироуп ҳәа азгәалҭеит аибашьҩы иаҳәшьа.
"Аиааиреи Ахьыԥшымреи ирмарианы ҳалацәажәо ҳалагоит, уи сгәы снархьуеит, аха аҭоурых аҿы убыс иҟоуп, уи еиҭахынҳәыр алшоит. Есыҽны ҳҳәынҭқарра аргыларазы иҟаҳҵо ауп ихадароу. Сара сашьцәа рҩыџьагьы аибашьра ицеит, аха сан лҟынтә исмаҳаит "шәымцан" ҳәа, зны-зынлагьы, схәыҷымзи, убас исҭахын убри илҳәарц, избанзар иааҳакәыршан ирацәан аҭахарақәа. Иара Баҭал икласс аҿы ирацәоуп иҭахаз, хабарда ибжьаӡыз иҩызцәа", - ҳәа лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.