Аԥсны

Аԥсны амшынҭаларатә сезон хыркәшоуп

Амшынҭаларатә сезон ахыркәшара амш азгәанаҭеит Аԥсны АҶА Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа, Аекологиатә ҳәынҭеилакы иазҵааны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Аԥсны амшынҭаларатә сезон хыркәшоуп жьҭаара 1 азы.
Жьҭаара 1 инаркны ареспублика аплиажқәа зегьы аус руӡом ҳәа иԥхьаӡоуп.
Амшынҭаларатә сезон ахьхыркәшоу инамаданы ауаажәларратә плиажқәа рӡымҽхакыраҟынтәи иқәыргоит аӡҳәаарбагақәа, иаанкылахоит аиқәырхарҭақәа русура.