Аԥсны

Аԥснынтәи Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьуа Урыстәыла атәылауаҩра ирмарианы иоуеит

Алиас Аҩӡба Урыстәыла атәылауаҩра иоурц азы иарзаҳал адипломатиатә мҩақәа рыла Москваҟа ишьҭын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адгыларала.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Аԥснынтәи Донбасс хатәгаԥхарала еибашьуа Алиас Аҩӡба Урыстәыла атәылауаҩра ирмарианы иоуеит, абри азы аԥшьгамҭа дадгылеит Урыстәыла ахада Владимир Путин. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аҩӡба "Пятнашка" даланы иҷыдоу арратә операциа далахәын, нанҳәамзазы иара ахәра ӷәӷәа иоуит.
Уаанӡа Аҩӡба Урыстәыла атәылауаҩра ирмарианы иоуразы иарзаҳал неит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь.
Аусбарҭаҿы ишазгәарҭо ала, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идгыларала иара Урыстәылаҟа ишьҭын адипломатиатә каналқәа рыла.