АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Гагра араион Цандрыԥшь аҳаблан диути-фри адәқьанқәа руак амца акит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Амца акит ахыбра адәахьтәи аҭыӡқәа, анаҩс ахыб ахь ииасит.
Абылра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба неит, амца дырцәеит.
Аусбарҭа апресс-маҵзураҿы ишырҳәаз ала, аӡәгьы акгьы имыхьит.