Арадио

Ӡиӡариа еиҭеиҳәеит абџьарҟаҵаҩцәа рхеилак афонд ахьӡыргахо амузеи шеиҿкаахо атәы

Абџьарҟаҵаҩцәа рхеилак алахәылацәа русумаҭақәа ахьӡыргахо ҭыԥны иазалхуп Аҟәатәи абааш. Уи шыҟалаз атәы, насгьы изеиԥшроузеи ахеилак афонди иҟоума аԥсуаа рмилаҭтә ҟазара зҽазызкуа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит абџьарҟаҵаҩцәа рхеилак ахантәаҩы Ҭемыр Ӡиӡариа.
Sputnik
Афонд еизаҳго џьара ацәыргара аҭахуп, иҳадыргалеит Аҟәатәи абааш ахәҭак иҳәеит аиҿцәажәараҿы Ӡиӡариа.
"Аҭыԥ амыӷра ахиааны иҟоуп, убри рыцқьаны археологцәа рус ҟарҵароуп. Аҭҵаарақәа рымҩаԥгара аус ҩышықәса азалхуп. Уаанӡа ҳара иара аԥшра шыҟало планс ишьҭаҳхроуп, ажәытә ишыҟаз иашьашәаланы. Уи аамҭазы ҳаргьы акы зку-изышьҭуа ҳрышьҭалоит. Аҭыԥ аидгыла анапаҟны иҟазаауеит, ахә ахшәаара аҭаххаӡом. Уаҟа анаҩс ацәыргақәҵақәа мҩаԥаҳгалоит", - иҳәеит Ӡиӡариа.
Ҭемыр Ӡиӡариа еиҭеиҳәеит абџьарҟаҵаҩцәа реидгыла иахьатәи аамҭазы 21-ҩык аҟазауаа шеиднакыло. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аҭоурыхҭҵааҩцәа, ажьицәа, археологцәа, аха еиҳарак абџьар ҟазҵо роуп. Иара иҳәеит аԥсуаа рмилаҭтә ҟазара иаднаԥхьало шыҟоу, жьҭаарамзазы еиҿыркаар шырҭаху ацәыргақәҵа, шықәсыктәи русура аихшьаала ахьыҟаҵахо.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.