Аԥсны

Урыстәылатәи аԥсшьаҩы Анхәа ақыҭан аиҩхаа дахьҭаҳаз деиқәдырхеит

Амашәыр шыҟалаз азы АҶА ахь адырра ҟалеит ахәаша, цәыббра 30 асааҭ 15:05 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Урыстәылатәи аԥсшьаҩы Гәдоуҭа араион Анхәа ақыҭан аиҩхаа дахьҭаҳаз деиқәдырхеит ҳәа аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
Аԥҳәыс цҳак далҟьан аиҩхаа дҭаҳан лшьапы ԥҵәеит.
Урыстәылатәи аԥсшьаҩы Анхәа ақыҭантә аиҩхаа дахьҭаҳаз деиқәдырхеит
Аиқәырхаҩцәа уантәи дҭыганы Аҟәа Ареспубликатә хәшәтәырҭахь дганы аҳақьымцәа дрырҭеит.