Аԥсны

Ашәаҳәареи акәашареи рҳәынҭансамбль Ростов-на-Дону афестиваль "Мир Кавказу" иалахәхоит

Жәларбжьаратәи аҟазарақәа рфестиваль "Мир Кавказу" - амилаҭтә традициақәа, аҵасқәа, ақьабзқәа рырҿиареи реиқәырхареи ирызкуп, еиуеиԥшым арегионқәеи амилаҭқәеи рхаҭарнакцәа реизааигәатәразы ицхыраагӡоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Аԥсуа ҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи зҽаԥсазтәыз рансамбль алахәхоит Ростов-на-Дону имҩаԥысраны иҟоу XXI Жәларбжьаратәи аҟазацәа рфестиваль "Мир Кавказу", абри атәы аанацҳауеит акультура аминистрра апресс-маҵзура.

Иазгәаҭоуп афестиваль ишалахәу змилаҭтә культура еиуеиԥшым ажанрқәа рҟны ицәырызго аетнографиатә, афольклортә, ашәаҳәаратә, аинструменталтә, ахореографиатә коллективқәеи хаз игоу анагӡаҩцәеи.

Аԥсуа ҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи зҽаԥсазтәыз рансамбль — аԥсуа милаҭтә музыкатәи акәашаратәи фольклор еиқәырханы ажәлар ирылазырҵәо культуратә хәышҭаароуп. Аколлектив аԥҵан 1931 шықәса рзы Аҟәа, уи раԥхьатәи напхгаҩыс даман ашәаҳәаҩ, жәлар рашәаҳәаратә ҟазара бзиан издыруаз Платон Панцулаиа.
Раԥхьатәи ашықәсқәа инадыркны ансамбль зыпрофессионалтә ҩаӡара ҳаракыз, ирхашҭхьаз аԥсуа жәлар рмелодиақәеи рыкәашарқәеи реиҭарҿыцра зылшаз коллективын. 1935 шықәса рзы ансамбль ахкынагӡаҩцәа алахәын Лондон имҩаԥысыз Жәларбжьаратәи жәлар рыкәашарақәа рфестиваль.