Аԥсны

Автомашьына ажра иҭаҳаит Гәдоуҭа араион аҿы

Амашәыр шаҟалаз азы АҶА ахь аҭел иасит асабша жьҭаара 1 азы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Автомашьына 20 метра иҟаз ажра иҭаҳаит Гәдоуҭа араион Анхәа ақыҭан ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит АҶА аиқәырхаҩцәеи аҳақьымцәеи.
Аусбарҭаҿы ишазгәарҭаз ала, аахақәа роуит хҩык ауааԥсыра. Урҭ раԥхьатәи ацхыраара рырҭан, Аҟәа Ареспубликатә хәшәтәырҭахь инаргеит.