Жьҭаара 3 рҟынӡа Шәача ақәаршыҩ, адыд-мацәыс, амшынеисра ӷәӷәа ҟалоит

Жьҭаара 2-3 рзы амшцәгьақәа ирыхҟьаны амшын ацәқәырԥара ԥшь-баллк рҟынӡа ихалоит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Ақәаршыҩ, адыд-мацәыс, аԥшаӷьы, ԥшь-баллк рҟынӡа амшынеисра ҟалоит Шәача ҭыԥқәак рҿы ашәахьа шьыжьымҭанынӡа, ақалақьтә маҵзурақәа русурагьы рӷәӷәоуп ҳәа аанацҳауеит акурорт ахадара апресс-маҵзура.
"Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳауа ала, 2022 шықәса жьҭаара 2 ауха, жьҭаара 3 ашьыжь Шәача ҭыԥқәак рҿы ақәаршыҩ, адыд-мацәыс ҟалоит, алада-мрагыларатәи аԥша аҽарӷәӷәоит, ашьыжь аҩада-мраҭашәаратәи ахь ииасуеит 15-20 м/с амч аманы", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Иахьатәи аамҭазы ақалақьтә маҵзурақәа русура рӷәӷәоуп. Акурорт ахадара иара убас ауааԥсыреи асасцәеи ргәырҽанырҵоит ақәоураан аӡаҿы аԥсшьара ашәарҭара шацу.