Арадио

Ҭарба: ақыҭаҿы 24 сааҭ унхара уадҳәалазароуп

Мықә ақыҭан инхо Еврик Ҭарба арадио Sputnik аефир аҿы аибашьра ҟалаанӡатәи иахьатәи ақыҭа ԥсҭазаара еиҿырԥшуа иҳәеит, усҟан иага аԥсҭазаара бзиа ыҟазҭгьы, иахьа иҳамо Ахьыԥшымра еиҳаны дшахәаԥшуа атәы.
Sputnik
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.