Аԥсны

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылахьчара аминистрцәа арегион ашәарҭадара иалацәажәеит

Аахыҵ Уаԥстәыла Атәылахьчара аминистр Мараҭ Павлов ахада Алан Гаглоев идҵала Аԥсныҟа усутә ныҟәарыла дааит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. Арегионалтә шәарҭадареи, аимадареи, иара убас ҩганктәи арратә усеицуреи рызҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылахьчара аминистрцәа Владимир Ануеи Мараҭ Павлови. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.
Мараҭ Павлов иара убас дидикылеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
Иазгәаҭоуп аусутә еиԥыларақәа акымәка иҵегьы иазгәаҭаны ишыҟоу.