Аҳәынҭдума Урыстәыла иахәҭакхаз аҵакырақәа рзы аиқәшаҳаҭрақәа шьақәнарӷәӷәеит

Урыстәыла ахада Владимир Путин цәыббра 30 азы ДЖәР, ЛЖәР, Херсони Запорожеи аобластқәа Урыстәыла иалаҵазарц азы дара рхадацәеи иареи аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. ДЖәР, ЛЖәР, Херсони Запорожеи аобластқәа Урыстәыла иалаҵазарц азы Аҳәынҭдума еицҿакрыла аиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит.
Урыстәыла ахада Владимир Путин цәыббра 30 азы ДЖәР, ЛЖәР, Херсони Запорожеи аобластқәа рҿы имҩаԥысыз ареферендум Кремль далацәажәеит, анаҩс дара Урыстәыла иалаҵазарц азы дара рхадацәеи иареи аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩит.
Урыстәыла иахәҭакхаз аҵакырақәа рзы аиқәшаҳаҭрақәа кьыԥхьуп
Аҳәаанырцә ҳәынҭқарра Урыстәыла алалара еиҿыркаауеит Аҳәынҭқарратә Думеи Афедерациа Ахеилаки рҟны абжьыҭирала, аконституциатә закәан инақәыршәаны иара убасгьы азакәан хадеи аиқәшаҳаҭреи реиқәшәашьаз УА Аконституциатә ӡбарҭа алкаала ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Афедерациатә хеилак аконституциатә закәанԥҵараз аилак алахәыла Александр Башкин.
Уи азы иаҭахуп Аҳәынҭдума Урыстәыла аилазаарахь асубиект адкыларазы жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәарц.