Аԥсны

Бжьаниеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩи ҩ-ганктәи русеицура иалацәажәеит

Аиԥылара иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Максим Литвинов.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини ҩ-ганктәи русеицура иалацәажәеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аилацәажәараҿы ирзааҭгылан ҩ-ганктәи аусеицура, аҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьа зырӷәӷәаша аԥшьгамҭақәеи ажәадгалақәеи.