Аԥсны

Гагра иӡааҟәрылаз хаҵак иԥсыбаҩ рбеит

Ирыԥшааз ахаҵа ихаҭареи дахьатәиуи макьаназ еилкаам.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 – Sputnik. Гагра иӡааҟәрылаз ахаҵа иԥсыбаҩ рыԥшааит жьҭаара 3 рзы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭинспекциа аиҳабы Ҭенгьиз Сабуа.
Иара иажәақәа рыла, ирыԥшааз ахаҵа ихаҭареи дахьатәиуи макьаназ еилкаам.
Цәыббра 19 рзы Гагра амшын дагеит Тверь инхоз 52 шықәса зхыҵуаз Станислав Влос.