АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аҳәынҭқарратә Думахь аратификациаз инаишьҭит ЛЖәР, ДЖәР, Херсони Запорожиеи аобластқәа Урыстәыла ралаларазы аиқәшаҳаҭрақәа.
Донецки Лугански ареспубликақәа, Запорожиеи Херсони аобластқәа рҳәаақәа шьақәыргылахоит Урыстәыла ианаларҵо амш азтәи аҭагылазаашьала ҳәа арбоуп Адумахь инашьҭу ашәҟәаҿы.
Аҳәаанырцә ҳәынҭқарра Урыстәыла алалара еиҿыркаауеит Аҳәынҭқарратә Думеи Афедерациа Ахеилаки рҟны абжьыҭирала, аконституциатә закәан инақәыршәаны иара убасгьы азакәан хадеи аиқәшаҳаҭреи реиқәшәашьаз УА Аконституциатә ӡбарҭа алкаала ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Афедерациатә хеилак аконституциатә закәанԥҵараз аилак алахәыла Александр Башкин. Уи азы иаҭахуп Аҳәынҭдума Урыстәыла аилазаарахь асубиект адкыларазы жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭра аратификациа азнаурц.
Башкин ишиҳәо ала, асубиект ҿыц алалара мҩаԥысуеит аганқәа рыҩбагь ирыдыркылаз жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭра ашьаҭала. Убри аан Урыстәыла алалара аԥшьнагар ҟалоит Урыстәыла алалара зҭаху аҳәаанырцә ҳәынҭқарра.
Урыстәыла ахада ари ажәадгала ашьҭахь Афедерациатә Хеилак, Аҳәынҭқарратә Дума, аиҳабыра адырра риҭоит, иаҭаххар аконсультациақәа еицымҩаԥыргоит. Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь Урыстәыла ахада Аконституциатә ӡбарҭахь азыҳәа наишьҭуеит асубиект ҿыц алагаларазы жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭра ашьашәалара агәаҭараз.
Апарламент ахь аиқәшаҳаҭра иацнарышьҭуеит афедералтә конституциатә закәан апроект Урыстәыла асубиект ҿыц алаларазы ҳәа иҳәеит апарламентари.