Аԥсны

Цәыббра 30 азы Цандрыԥшь иҟалаз ауаҩшьразы ашьаус хацыркуп

Ашьаус хацыркуп Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 105 ахәҭа 4 иазыԥхьагәанаҭо ацәгьоуразы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. Машәырла ауаҩы дишьит ҳәа ахара зыдҵоу Хачик Барсумиан иганахь ала ашьаус хацыркуп, абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.

Ашьаусҭҵаара адыррақәа рыла, цәыббра 30 асааҭ 20:45 азы Гагра араион Цандрыԥшь ақыҭан Хачик Барсумиан ижәны Артур Барсумиан аҳәызба иуаҭәа иалеиҵеит.

Артур Барсумиан Гагратәи ахәшәтәырҭахь днаргаанӡа иԥсҭазаара далҵит. Адырҩаҽны ацәгьа зуз дааныркылеит.
Аӡбаратәи ашьаусҭҵааратәи ҭҵаарақәа мҩаԥгахоит.