Аԥсны

2022 шықәса ҩымз рыҩнуҵҟа Аԥсны аҳазалхратә шәарақәа ҩ-миллиардк рыла инагӡоуп

2022 шықәса цәыббрамзазы аҳазалхратә шәарақәа рхыԥхьаӡала иартәеит 260,1 млн мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. 2022 шықәса жәымз рыҩнуҵҟа Аԥсны аҳазалхратә шәарақәа ҩ-миллиардк иартәеит, аплан 122% рыла инагӡоуп, абри атәы аанацҳауеит Аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.

Инагӡоу аплан 374,1 млн мааҭ ыҟоуп. Ииасыз ашықәс абри аамҭа иаҿырԥшны 188,0 млн мааҭ рыла иацҵоуп. 2021 шықәса жәымз рыҩнуҵҟала абиуџьет иалагалан 1,9 миллиард мааҭ.

2022 шықәса цәыббрамзазы иарбаз 14,3 миллион мааҭ рцынхәрас иалагалан 260,1 млн мааҭ. Цәыббрамзатәи аплан р 106% рыла инагӡан.