Аԥсны

Арратә операциа иалахәу рыкредитқәа рыҿҳәара ахыгара шыҟало еилкаахеит

Цәыббра 21 азы Урыстәыла ахада идҵала ирылаҳәан хәҭа-хәҭалатәи аҽеизыкра. Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу иажәақәа рыла, аҽеизыкра иаҵанакыз 200 нызқьҩык рҟынӡа арратә хәҭақәа рахь инеиит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Акредит зқәу арратә операциа алахәылацәа аҿҳәара ахырԥаразы аамҭа рыҭахоит арратә ҽеизыкра ахьынӡамҩаԥысуеи, ма еилаӡарала аррамаҵзура иахьынӡахысуа аҽа 30 мшы нацны, абри азы аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла аџьа аминистр ихаҭыԥуаҩ Ольга Баталина.

Баталина лажәақәа рыла, атәылауаҩ азыҳәа аныҟаиҵалак ашьҭахь аҿҳәарахырԥаразы азин иҭахоит.

Баталина иазгәалҭеит, аҽеизыкра ашьҭахь атәылауаҩ агоспиталь аҟны аҽыхәшәтәра дахысуазар, уи аамҭагьы акредит аҿҳәарахырԥара иахыԥхьаӡалахоит.