Аԥсны

Аԥсны АҶА аҟны еиҭарҳәеит 2022 шықәса аҩнуҵҟа аӡиасқәеи амшыни шаҟаҩы агаз

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 4– Sputnik. 2022 шықәса аҩнуҵҟа Аԥсны аӡиасқәеи амшыни иагеит 13-ҩык, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭинспекциа аиҳабы Ҭенгьиз Сабуа.
Иара иажәақәа рыла, иҭахаз реиҳараҩык Аԥсны зыԥсы зшьо туристцәоуп, урҭ аӡҭалара аԥҟарақәа еиларгон, иахьаҭыԥмыз аӡы иҭалон, аиҳарак аӡиасқәеи амшыни ахьеилало.
Аԥсны АҶА зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭинспекциа адыррақәа рыла, 2021 шықәсазы ареспубликаҟны аӡы иагеит 20-ҩык.
Сабуа иажәақәа рыла, 32 плиаж рҟынтәи ашәарҭадаратә нормақәа ирықәшәо 18 роуп.
Аилагарақәа реиҳарак азгәаҭан Гәдоуҭа, Гагра, Цандрыԥшь аплиажқәа рҟны.