Аԥсны

Аԥсны Апарламент аделегациа Урыстәыла Афедерациатә хеилак аҿы аиԥылара мҩаԥыргеит

Апарламент аиҳабы зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа Москва официалтә ныҟәарыла иаҭаан иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Аԥсны Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟоу аделегациа Урыстәыла Афедерациатә хеилак аҿы ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Константин Косачиов иԥылеит. Абри атәы аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.
Ашәба иазгәеиҭеит дшадгыло Урыстәыла асубиект ҿыцқәа ралалара.

"Имариам аамҭак азы ҳаиқәшәоит. Урыстәыла анеонацизм, Мраҭашәара, ЕАА ирҿагылоуп, ииашоу адунеитә еиҿкаараз иқәԥоит, иқәԥоит жәларык рыԥсҭазаарақәа рзы", - иҳәеит Ашәба.

Аиԥылараҿы ирылацәажәан Аԥсны арратә шәарҭадара арӷәӷәара азҵаарақәа, Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахысра армариара, анефҭаалыҵқәа рыхәԥсақәа рҭышәныртәалара уҳәа азҵаарақәа.