Аԥсны

Германиатәи аҳақьымцәа аԥснытәи рколлегацәа рԥышәа рымардоит

Германиатәи аҳақьымцәа ражәақәа рыла, аполиклиникақәа русура аиҿкаара аусхк аҟны аԥышәа ду рымоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Германиатәи аҳақьымцәа аԥснытәи рколлегацәа аполиклиникақәа русура аиҿкаараҿы ирымоу рԥышәа рымдара иазыхиоуп, абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Жьҭаара 4 азы аусбарҭаҿы имҩаԥысит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Германиа иҟоу Аԥсны ААП ахаҭарнак Вольфганг Матцкеи, Берлинтәи амедицинатә центр "Хелле Митте" адатәԥҟаҩы Ульрих Руппеи, Европа иҟоу китаитәи аилахәырақәа рконсультант Гуо Сиеи реиԥылара.
"Ҳара ибзианы иаадыруеит Германиа амедицина иамоу аҩаӡара. Шәԥышәа ҳҟазауаа ирымажәдозар даара агәахәара ҳнаҭон", - иҳәеит Быҭәба.
Агәабзиарахьчара адыррақәа рыла, Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҿы аус руеит хә-поликлиникак.