Аԥсны

Аслан Бжьаниеи Илиа Денисови Аԥсни Урыстәылеи АҶ русбарҭақәа реинырра иалацәажәеит

Аиԥылараҟны ирылацәажәан аиқәырхаратә усбарҭақәа реинырра азҵаарақәа, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан рыҟәшақәа русеицура.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла аграждантә хьчара аусқәеи, аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхреи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Илиа Денисов дидикылеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылараҟны ирылацәажәан аиқәырхаратә усбарҭақәа реинырра азҵаарақәа, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан рыҟәшақәа русеицура.
Аиԥылара иалахәын ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аԥсны АҶ рминистр Лев Кәыҵниа.