Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи рыскульпторцәа рцәыргақәҵақәа аатит Аҟәа

Афестиваль "Нарҭиада" аҳәаақәа ирҭагӡаны жьҭаара 3-7 рзы еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы ицәыргахоит аԥснытәии урыстәылатәии асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Афестиваль "Нарҭиада" аҳәаақәа ирҭагӡаны Светлана Евдокимовои Давид Чкотуеи рцәыргақәҵақәа аатит Аҟәа, аԥара Амузеи аҿы.
Аԥсны
Аԥсуа драмтеатр аҿы атеатр афишақәеи аграфикеи рцәыргақәҵа аатит
Асахьаҭыхыҩ, аскульптор, адизаинер-флорист Светлана Евдокимова лыскульптурақәа аԥылҵоит мурантәи асаркьеи аџыри ирылхны.
Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны Евдокимова иаԥылҵеит асимвол ҟазшьа змоу Аԥсны ашәҭ – иара ианыԥшуеит нарҭтәи аепос аҭоурых.
1 / 4

Аԥсни Урыстәылеи рыскульпторцәа рцәыргақәҵақәа аатит Аҟәа

2 / 4

Аԥсни Урыстәылеи рыскульпторцәа рцәыргақәҵақәа аатит Аҟәа

3 / 4

Аԥсни Урыстәылеи рыскульпторцәа рцәыргақәҵақәа аатит Аҟәа

4 / 4

Аԥсни Урыстәылеи рыскульпторцәа рцәыргақәҵақәа аатит Аҟәа

Аханатә асахьаҭыхыҩ аметалли афарфори реидкылара лҭахын, аха лԥышәара лықәымҿиеит.
Давид Чкотуа – аԥсуа скульптор қәыԥш. Аскульптор иаԥиҵо ахаҿсахьақәа аԥсабаратә формақәеи ифантазиеи рҳәааҿы еилаӡҩоит. Автор аԥшшәы алхреи аметалл - алиумин, аџьаз, акерамика аус адулареи рҿы агәаӷьрақәа ааирԥшуеит.
Афестиваль "Нарҭиада" аҳәаақәа ирҭагӡаны жьҭаара 3-7 рзы еиуеиԥшым атыԥқәа рҿы ицәыргахоит аԥснытәии урыстәылатәии асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа. Ацәыргақәҵақәа рыдагьы имҩаԥгахоит афигуративтә ҟазара, аскульптура, ҳаамҭазтәи аҟазараҿ digital, амодеи атеатри рҭоурых, аҿыханҵатә ҟазараҿ атрадициа ҿыцқәеи аматериалқәеи рылацәажәара , иара убасгьы венециатәи асаркьа иалху ашәҭқәа раԥҵаразы аҟазаратә-классқәа рымҩаԥгара.
"Нарҭиада" апроект - Sputnik Аԥсны амаҵзура - информацитә партниорны иазыҟоуп.