Аԥсны

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аҽеизакратә ҽазыҟаҵара мҩаԥнагеит ахысырҭа "Ҵабал" аҟны

Аԥсны аҽеизакратә ҽазыҟаҵара аиӷьтәреи, абжьгарақәа аус рыдулареи, ахәшьара рыҭареи рзы аусутә гәыԥ аԥҵоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аҽеизакратә ҽазыҟаҵара мҩаԥнагеит ахысырҭа "Ҵабал" аҟны. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Азеиԥш хысырҭа "Ҵабал" аҿы имҩаԥган акомандаҟаҵара-штабтә ԥхьатәара иҟоу актәи ахысратә полк аилазаара аҽеизакратә ҽазыҟаҵара азырхиараз аҽазыҟаҵарақәа", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аррамаҵзурауаа имҩаԥыргеит арратә ҽазыҟаҵара амаҭәарқәа рнормативқәа рынагӡара, ишьҭырхит арезервистцәа рырратә дырра ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿ.