Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Киев уахыки-ҽнаки рыла иацәыӡит 230-ҩык аибашьцәа Николаево-Криворожтәи ахырхарҭаҿы

Урыстәылатәи авиациа, аракетатә ари артиллериеи ааха рырҭеит украинатәи ар рнапхгараҭарҭақәа жәаба, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа фба Запорожиеи, Николаеви робластқәеи ДЖәР-и рҿы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Киев уахыки-ҽнаки рыла иацәыӡит 230-ҩык аибашьцәа, атанкқәа 4, акәылӡмашьынақәа 18, агаубицақәа 2, аминаршәгақәа 2, автомашьынақәа 20 Николаево-Криворожтәи ахырхарҭаҿы, абри атәы адырра ҟанаҵоит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Николаево-Криворожтәи ахырхарҭаҿы иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла иҭархан 230-ҩык аибашьцәа, атанкқәа 4, акәылӡмашьынақәа 18, агаубицақәа 2, аминаршәгақәа 2, автомашьынақәа 20", - рҳәеит Атәылахьчара аминистрраҿ.
Уи адагьы аусбарҭаҿы ирҳәеит Харьковтәи аобласт, ДЖәР, ЛЖәР рҿы иҭархоуп 300-ҩык украинатәи аруаа ҳәа.