Нобель иаԥхьахә афизиказ 2022 шықәсазы акванттә механика аусхк аҿы аҭҵаараз ирыҭоуп

Нобель иаԥхьахә ранаршьоит иналукааша аҭҵаарақәеи, ареволиуциатә ԥҵареи рзы ма акультуреи ауаажәларреи рыҿиареи рзы. Аԥхьахә ихьӡ ахҵоуп иара ашьаҭаркҩы, швециатәи анџьныр-химик, ааглыхыҩ Альфред Нобель.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Нобель иаԥхьахә афизиказ 2022 шықәсазы иранашьоуп аҵарауаа: Ален Аспе, Џьон Клаузер, Антон Цаилингер акванттә механика аусхк аҿы аҭҵаараз.
Абри атәы рыланаҳәеит Нобель ихьӡ зху аилак.
Аилак адыррала афранцуз Аспе, америкауаҩ Клаузер, австриуаҩ Цаилингер аԥхьахә ранашьахеит еилаԥсоу афотонқәа рыҭҵаараз рԥышәақәазы, Белл иеиҟарамрақәа реилагара ашьақәырӷәӷәара, акванттә информациа азы аҭҵаарадырра аԥҵаразы.