Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин Урыстәыла аҵакыра ҿыцқәа ралаларазы азакәан инапы аҵеиҩит

ДЖәР, ЛЖәР, Херсони Запорожиеи аобластқәа Урыстәыла ралаларазы ареферендум мҩаԥысит цәыббра 23-27 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыра ҿыцқәа ралаларази асубиект ҿыцқәа реиҿкаарази азакәан инапы аҵеиҩит. Адокументқәа кьыԥхьуп азинтә информациа аинтернет-портал аҿы.
ДЖәР, ЛЖәР, Херсони Запорожсиеи аобластқәа Урыстәыла аилазаара иалаҵоуп.
ДЖәР, ЛЖәР, Херсони Запорожиеи аобластқәа Урыстәыла ралаларазы ареферендум мҩаԥысит цәыббра 23-27 рзы. 100% абиуллетеньқәа аус рыдулара ашьҭахь ишьақәыргылоуп: ДЖәР аҿы Урыстәыла алаларазы рыбжьы рҭиит 99,23%, ЛЖәР – 98,42%, Херсонтәи аобласт – 87,05%, Запорожиатәи аобласт - 93,11%.