Аԥсны

Аҟәа ахәҭак уахыки-ҽнаки ӡыда иаанхоит

Аӡы аанкылахоит аӡымҩангагаҿ имҩаԥгахо арҽеиратә усурақәа ирыхҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 6- Sputnik. Аҟәа ахәҭак жьҭаара быжьба асааҭ 09:00 инаркны жьҭаара 8 рҟынӡа аӡы аанкылахоит ҳәа аанацҳауеит "Аӡыршьҭра".
Аӡы аанкылахоит Аҟәа амҩадуқәа: Март 8, Санчаратәи, Астуденцәа рымҩа, Патеи-иԥа ҩадахьтәи ахәҭа, Кортуа, Афестивальтә.
Аӡы аанкылахоит аӡымҩангагаҿ имҩаԥгахо арҽеиратә усурақәа ирыхҟьаны.