Аԥсны

Арӡынба иҳәеит аҳәынҭдачаз Аиқәшаҳаҭра аганахь ала атәыла ахада иахь ажәахәынҵа ширхио

Аҳәынҭқарратә дача "Пицунда" амазаратә комплекс Урыстәыла аҭараз Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2022 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иҳәеит аҳәынҭдачаз Аиқәшаҳаҭра аганахь ала атәыла ахада иахь ажәахәынҵа ширхио.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба усутә ныҟәарала Москва дыҟоуп.
Иара иҳәеит урыстәылатәи агани аԥснытәи агани Аиқәшаҳаҭра аҵакы – аргылара ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара азин шыҟамло азы аилибакаара ишазкылсыз.
"Абри атемала аҳәынҭқарра ахада ихьӡала ажәахәынҵа сырхиоит. Ианаамҭоу АИХқәа адырра раҳҭоит", - ҳәа иҳәеит Арӡынба.
Аминистр иҳәеит аргылара Урыстәыла АХьМ ада ахԥатәи ахаҿқәа рыҭараз иҟоу ауҳәансҳәан шьаҭа шамоу.