Аԥсны

Бжьаниа Гагра Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит

Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭуижьҭеи 30 шықәса аҵра инамаданы, агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥган Аԥсны ахьчараз иҭахаз аибашьцәеи Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи рбаҟақәа рыҟны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 6- Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Гагра ахақәиҭтәраан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.
Аԥсны
Бжьаниа атәыла ауааԥсыра Гагра араион Ахақәиҭтәра амш 30 шықәса ахыҵра рыдеиныҳәалеит
Иара убас, аусмҩаԥгатә иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Апсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, адепутатцәа, аиҳабыра алахәылацәа, атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, аибашьра аветеранцәеи ахатәгәаԥхаҩцәеи, иҭахаз рҭаацәа, ауаажәларра.
Амемориал аҿаԥхьа аҳаҭыртә ҟарул гылан. Шәҩыла агәаларшәаратә мшы рхы аладырхәит.
Жьҭаара 6, 1992 шықәсазы аԥсуа еибашьцәа иаарывагылаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәеи Гагра араион ахы иақәиҭтәны Ԥсоу аҳәааҿы атәыла абираҟ ахадыргылеит.