"Аҽны аибашьра иалагоит ҳәа ҳаздыруамызт, сҩызеи сареи аусурахь ҳашцоз иҳаҳаит ажәабжь, ақырҭқәа Аҟәа иааирц акгьы шрыгым. Ҳара ачашәара ҳҽазыҟаҳҵон, ҳлақәа ҳаманы ҳанбацо ҳәа ҳтәан. Арахь аӷа даҳгәыдлеит. Абџьар ҳамамызт, иҟаз, ҳнапала иҟаҳҵаз артҟәацгақәа ракәын, нас ашәақьқәа", - ҳәа игәалиршәоит аветеран.
Алик Чуаз еиҭеиҳәеит ирымаз раԥхьатәи адҵақәа, ақырҭцәеи дареи реидыслара атәы абаржа анӡхыҵуаз аамҭазы, урҭ раанкылара ахьрылымшаз иахҟьаны рықалақь ааныжьра шрықәшәаз, рҭаацәа Гагра ишаларгоз.
Гагра ахақәиҭтәразы ажәылара игәаларшәуа Чуаз еиҭеиҳәеит Нхыҵынтәи иаауаз аибашьцәа ишрықәгәыӷуаз, иазгәеиҭеит, ақырҭцәа шәеит акәымзар, иаразнак ҳақәырхыр шрылшоз.
"Анзор Кәарҷелиа дышьны данаҳба, аҟәадабаа иҿышы, ҳаҽҳарӷәӷәеит. Ахы заку зегьы иаадыруан, аха ашәара ҳаман. Ишьыз данаҳба ҳшәара зегьы ныиаӡаа ицеит. Ԥхьаҟа ҳанцоз ҳаҳәҳәон, ҳгәы шьҭаҳхуан. Лаҭа аверталиот анкаҳа, усҟан аибашьцәа зегьы зынӡа ҳхагахеит. Убри анҳаҳа аанкылашьа ҳамамызт. Аҷкәынцәа уеизгьы иаангыломызт, аха усҟан зынӡа агәымшәацәа ҳауит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Чуаз.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.