Франциатәи ашәҟәыҩҩы Анни Ерно алитератураз Нобель иаԥхьахә ланашьахеит

Ашәҟәыҩҩы акыршықәсқәа аԥхьахә занашьахаша ҳәа ирыԥхьаӡақәоз дреиуан.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 6- Sputnik. 2022 шықәсазы Франциатәи ашәҟәыҩҩы Анни Ерно алитератураз Нобель иаԥхьахә ланашьахеит.
Абри азы алаҳәара ҟанаҵеит Швециатәи академиа Нобель ихьӡ зху аилак.
Ашәҟәыҩҩы аԥхьахә лыҭоуп "ахаҭаратә гәалашәара аколлективтә ҳәаақәеи, ахыҵхырҭақәеи, аицәтәымхареи раарԥшраҿ иаалырԥшыз лыгәаӷьразы".