30 шықәса раԥхьа, жьҭаара 1 иалагеит Гагра ахақәиҭтәразы ажәылара. Амза 6 рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ Ԥсоу аҳәааҿы иахаргылан. Ари раԥхьатәи, акырӡа зҵазкуаз иааиран аԥсуа ар рзы.
"Ақырҭқәа аныӡхыҵ Цанрыԥшь агәыԥ хәыҷқәа рыла ҳҽеидкыланы ҳтәан. Иҳалшоз маҷын, 6-ҩык 7-ҩык ҳаицын абџьар аӡәгьы иҳамаӡамызт шәақьқәак ракәымзар, ҳала ҭраа ҳрыхәаԥшуан Аԥсны ианҭалоз. Ҳара Цандрыԥшь аҳәаа злаҟоу аганахьала ҳаҟан, ҳҭаркуашәа анаҳба шьхала Гагра ҳалбааит, аха ара аӡәгьы дыҟамызт ауаа зегьы ҭыҵны ицахьан. Ара ҽеи шыҟамыз анаҳба Бзыԥҭа ҳалбааит. Уа ҳахьааиз аҽеиҿкаара иаҿын", - ҳәа игәалаиршәоит Камлиа.
Аслан аиҿцәажәараҿы иҳәеит, ақырҭқәа иаразнак идәықәлазҭгьы ԥхьаҟа Гәдоҭаҟа аганахьала, агәырҩа рҽамыргакәа иаҳхысны ицон ҳәа.
"Аха, атрофеи иахнагеит. Уи аамҭазы ҳара аҽеидкыларақәа ҳрылагеит. Агәыԥқәа рацәахеит. Геи-шьхеи инаркны ирацәан аҭыԥқәа ахьынкылатәыз. Бзыԥҭа шьхала ҳадәықәлеит ҳара. Уаантә ҳжәыло Гагра КБРЦ ҳалбааит, уа аҿагылара ҳауит, аха ԥхьаҟа ҳәа анҳарҳәа, ҳдәықәлеит. Ауха Ажәытә Гагра иҳаршеит, адырҩаҽны мҩала ҳдәықәлеит. Аверталиот аҟынтә ҳгәарҭан иҳаихсуа иалагеит, ганкахьала ацаҟьа ыҟан егьи аганхьала мшынын, аха машәырда ҳрыцәцеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Камлиа.
Гагра анҭадырцәы ашьҭахь еиҿкаахеит актәи гагратәи абаталион, уи напхгаҩыс даман Џьума Чыргба. Аслан иара убасгьы игәалаиршәеит Аҟәа ахақәиҭтәраз ржәылара атәы, Егра аҳәаанӡа рнеира.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.