Аоператә шәаҳәаҩы, Аԥсни Урыстәылеи Зыҽрыԥсазтәыз артистка Алиса Гыцба Аԥсны еиҿылкаауа Актәи Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра мҩаԥысуеит жьҭаара 6-9 рзы.
Аицлабра азырхоуп ашәаҳәаҩцәа ҿарацәа рзанааҭ мҩа алхраҿы ацхыраара рыҭара, ажиури иалоу ашәаҳәара аус иазҟазоу ауаа рҟынтәи абжьгара бзиақәа риура.
"Даара ҳаигәырӷьоит аицлабра Афилармониа ахыбраҿы иахьымҩаԥысуа. Уи ҭакԥхықәра дууп ҳара ҳзы. Иахьа аҵәқәа ҭарыԥсон, досу иоуит ихатәы хыԥхьаӡара. Схы саҵашьыцуеит, убас еиԥш ҭакԥхықәра дуула иазнеит алахәылацәа рхаҭа, рыҵкқәа ԥшӡаӡа, рыбжьқәа хааӡа, имшәакәа атәым ҳәынҭқаррахь иааит. Иҟоуп аԥышәа змоу ашәаҳәаҩцәа, иҟоуп раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵо", - ҳәа еиҭалҳәеит Џьниаԥҳа.
Аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы лажәақәа рыла аицлабра алахәылацәа еиҳарак Урыстәылантәи иааит, иара убас Аԥснынтә ашәаҳәаҩ Беслан Сымсым, дыздыруа зегьы иааины адгылар ирҭарц аҳәара ҟаҳҵоит ҳәа лҳәеит Џьниаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.