WhatsАpp зхы иазырхәо рдыррақәа ахакерцәа ироур алшоит ҳәа агәҽанҵара ҟаиҵеит Дуров

Telegram ашьаҭаркҩы Павел Дуров иажәақәа рыла, WhatsApp асеиԥш ауадаҩрақәа изныкымкәа ицәырнагахьеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 6- Sputnik. Telegram ашьаҭаркҩы Павел Дуров агәҽанҵара ҟаиҵеит WhatsАpp ашәарҭадараз иҟоу ауадаҩрақәа ирыхҟьаны, уи зхы иазырхәо рдыррақәа ахакерцәа ироур шалшо.

"Ахакерцәа WhatsApp ахархәаҩцәа ртелефон аҿтәи адыррақәа зегь роур алшоит, ииасыз амчыбжь азы WhatsApp иаанарԥшыз ашәарҭадаратә уадаҩрақәа ирыхҟьаны", - ҳәа иҩуеит Дуров Telegram-канал аҿы.

Иара иҳәеит, амобилтә шьақәгыла ахархәараз ахакерцәа авидео ма авидеоҵәҵәа ацҵаҿы инарышьҭыр шазхо.
WhatsApp асеиԥш ауадаҩрақәа изныкымкәа ицәырнагахьеит.
VK ацҵақәак App Store аҟынтә иқәыргеит
"Шәара ишәылшоит адыррақәа реимдаразы иарбанзаалак ацҵа ахархәара, аха WhatsApp шәҽацәышәыхьчала. 13 шықәса ирықәуп иара ашьҭазаара мҩаԥнагоижьҭеи", - ҳәа иҳәеит Дуров.
WhatsApp – аилахәыра Meta иахатәуп (Meta аусура Урыстәыла екстремисттәуп ҳәа ишьоуп), иара ахархәарала аҩыратә дырраҭара, абжьытә дырраҭара аиура алшоит, аҭел асра ҟалоит.