Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи Гагра араион ахақәиҭтәра амш 30 шықәса аҵра мҽхакыҭбаала иазгәарҭеит жьҭаара 6 рзы.
Аԥсны аиҳабыра, Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи ахатәгәаԥхаҩцәеи, иҭахаз рҭаацәа, ауаажәларра ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан. Иара убас, Гагра имҩаԥысит 112-ҩык аҭыԥантәи аҵаҩцәа злахәыз "Ԥсра зқәым архәҭа". Ашколхәыҷқәа Гагра зхы ақәызҵаз аибашьцәа рфотосахьақәа кны Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибаҟа аҟынтәи ақалақьтә стадион аҟынӡа имҩасит, урҭ мҩаԥыргон аҽыуаа.
Астадион аҟны имҩаԥган аныҳәатә усмҩаԥгатә ахәҭа хада. Еизаз Гагра ахақәиҭтәра амш рыдныҳәало дықәгылеит Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарратә драматә театр арежиссиор Мадина Аргәын актиорцәеи ашколхәыҷқәеи алархәны иқәлыргылеит Аԥсны ажәытәӡа инаркны иахьанӡа аҭоурых зныԥшуаз атеатралтә қәыргыламҭа. Уи иалахәын 300-ҩык рҟынӡа.
Аныҳәа хыркәшан ф-минуҭк иҟаз асалиут ала.
Нанҳәа 15, 1992 шықәсазы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа Гагра араион адисант дыртәеит. Жьҭаара 2 рзы аԥсуа еибашьцәа жәылеит Гагра ахақәиҭтәраз, иагьхдыркәшеит иааирала жьҭаара 6 рзы.