Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ԥсра зқәым архәҭа", Аԥсны аҭоурых: Гагра араион ахақәиҭтәра амш

Анапаҵаҩра
Гагра ахақәиҭтәра амш 30 шықәса ахыҵра азгәарҭеит аԥшьаша, жьҭаара 6 рзы.
Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи Гагра араион ахақәиҭтәра амш 30 шықәса аҵра мҽхакыҭбаала иазгәарҭеит жьҭаара 6 рзы.
Аԥсны аиҳабыра, Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи ахатәгәаԥхаҩцәеи, иҭахаз рҭаацәа, ауаажәларра ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан. Иара убас, Гагра имҩаԥысит 112-ҩык аҭыԥантәи аҵаҩцәа злахәыз "Ԥсра зқәым архәҭа". Ашколхәыҷқәа Гагра зхы ақәызҵаз аибашьцәа рфотосахьақәа кны Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибаҟа аҟынтәи ақалақьтә стадион аҟынӡа имҩасит, урҭ мҩаԥыргон аҽыуаа.
Астадион аҟны имҩаԥган аныҳәатә усмҩаԥгатә ахәҭа хада. Еизаз Гагра ахақәиҭтәра амш рыдныҳәало дықәгылеит Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарратә драматә театр арежиссиор Мадина Аргәын актиорцәеи ашколхәыҷқәеи алархәны иқәлыргылеит Аԥсны ажәытәӡа инаркны иахьанӡа аҭоурых зныԥшуаз атеатралтә қәыргыламҭа. Уи иалахәын 300-ҩык рҟынӡа.
Аныҳәа хыркәшан ф-минуҭк иҟаз асалиут ала.
Нанҳәа 15, 1992 шықәсазы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа Гагра араион адисант дыртәеит. Жьҭаара 2 рзы аԥсуа еибашьцәа жәылеит Гагра ахақәиҭтәраз, иагьхдыркәшеит иааирала жьҭаара 6 рзы.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәуижьҭеи 30 шықәса ҵит. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гагра иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит.

Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәуижьҭеи 30 шықәса ҵит. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гагра иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит. - Sputnik Аҧсны
1/13

Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәуижьҭеи 30 шықәса ҵит. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гагра иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Акция "Ԥсра зқәым архәҭа".

Акция "Ԥсра зқәым архәҭа". - Sputnik Аҧсны
2/13

Акция "Ԥсра зқәым архәҭа".

© Sputnik / Томас Тхайцук

Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз аибашьцәа рфотосахьақәа кны 112-ҩык ашколхәыҷқәа акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" рхы аладырхәит.

Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз аибашьцәа рфотосахьақәа кны 112-ҩык ашколхәыҷқәа акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" рхы аладырхәит. - Sputnik Аҧсны
3/13

Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз аибашьцәа рфотосахьақәа кны 112-ҩык ашколхәыҷқәа акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" рхы аладырхәит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

"Ԥсра зқәым архәҭа" алахәылацәа Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибаҟа аҟынтәи ақалақьтә стадион аҟынӡа имҩасит.

"Ԥсра зқәым архәҭа" алахәылацәа Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибаҟа аҟынтәи ақалақьтә стадион аҟынӡа имҩасит. - Sputnik Аҧсны
4/13

"Ԥсра зқәым архәҭа" алахәылацәа Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибаҟа аҟынтәи ақалақьтә стадион аҟынӡа имҩасит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыхәҭак мҩаԥган гагратәи астадион аҟны.

Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыхәҭак мҩаԥган гагратәи астадион аҟны. - Sputnik Аҧсны
5/13

Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыхәҭак мҩаԥган гагратәи астадион аҟны.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҳәынҭқарратә драматә театр арежиссиор Мадина Аргәын актиорцәеи ашколхәыҷқәеи алархәны иқәлыргылеит Аԥсны аҭоурых зныԥшуаз атеатралтә қәыргыламҭа.

Аҳәынҭқарратә драматә театр арежиссиор Мадина Аргәын актиорцәеи ашколхәыҷқәеи алархәны иқәлыргылеит Аԥсны аҭоурых зныԥшуаз атеатралтә қәыргыламҭа. - Sputnik Аҧсны
6/13

Аҳәынҭқарратә драматә театр арежиссиор Мадина Аргәын актиорцәеи ашколхәыҷқәеи алархәны иқәлыргылеит Аԥсны аҭоурых зныԥшуаз атеатралтә қәыргыламҭа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Атеатралтә қәыргыламҭа иалахәын 300-ҩык рҟынӡа.

Атеатралтә қәыргыламҭа иалахәын 300-ҩык рҟынӡа. - Sputnik Аҧсны
7/13

Атеатралтә қәыргыламҭа иалахәын 300-ҩык рҟынӡа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ақәыргыламҭа авторцәа иаадырԥшит Аԥсны аҭоурых аҟны акыр зҵазкуа ахҭысқәа.

Ақәыргыламҭа авторцәа иаадырԥшит Аԥсны аҭоурых аҟны акыр зҵазкуа ахҭысқәа.  - Sputnik Аҧсны
8/13

Ақәыргыламҭа авторцәа иаадырԥшит Аԥсны аҭоурых аҟны акыр зҵазкуа ахҭысқәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ҳтәыла аҭоурых ахәаԥшцәа ирызнаган атетралтә қәгыларалеи, шәаҳәаралеи, кәашаралеи.

Ҳтәыла аҭоурых ахәаԥшцәа ирызнаган атетралтә қәгыларалеи, шәаҳәаралеи, кәашаралеи.  - Sputnik Аҧсны
9/13

Ҳтәыла аҭоурых ахәаԥшцәа ирызнаган атетралтә қәгыларалеи, шәаҳәаралеи, кәашаралеи.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа жәлар егьа гәаҟра хьанҭа рхыргазаргьы, фырхаҵарыла ирылшеит рыԥсадгьыли рыжәлари аиқәырхара.

Аԥсуа жәлар егьа гәаҟра хьанҭа рхыргазаргьы, фырхаҵарыла ирылшеит рыԥсадгьыли рыжәлари аиқәырхара. - Sputnik Аҧсны
10/13

Аԥсуа жәлар егьа гәаҟра хьанҭа рхыргазаргьы, фырхаҵарыла ирылшеит рыԥсадгьыли рыжәлари аиқәырхара.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа еибашьцәа аӷа дықәцаны аиааира ахьырго аазырԥшо ақәыргыламҭа ацыԥҵәаха.

Аԥсуа еибашьцәа аӷа дықәцаны аиааира ахьырго аазырԥшо ақәыргыламҭа ацыԥҵәаха. - Sputnik Аҧсны
11/13

Аԥсуа еибашьцәа аӷа дықәцаны аиааира ахьырго аазырԥшо ақәыргыламҭа ацыԥҵәаха.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аконцерттә программа шьақәгылан ашәаҳәаратәи акәашаратәи ансамбльқәа рыла.

Аконцерттә программа шьақәгылан ашәаҳәаратәи акәашаратәи ансамбльқәа рыла. - Sputnik Аҧсны
12/13

Аконцерттә программа шьақәгылан ашәаҳәаратәи акәашаратәи ансамбльқәа рыла.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аныҳәа хыркәшан ф-минуҭк иҟаз иршанхагаз асалиут ала.

Аныҳәа хыркәшан ф-минуҭк иҟаз иршанхагаз асалиут ала. - Sputnik Аҧсны
13/13

Аныҳәа хыркәшан ф-минуҭк иҟаз иршанхагаз асалиут ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0