Ахәыҷтәы хәшәтәырҭаҿы иазымхо аҳақьымцәа рацәоуп, еиҳарак иҟоу ахәыҷтәы ҳақьымцәеи аԥҟаҩцәеи роуп ҳәа азгәалҭеит Камлиаԥҳа аиҿцәажәараан.
"Уажәы алор-ҳақьым ҿыцны дҳадаҳкылеит. Ҽынла есыҽны дыҟоуп, лара имҩаԥылгоит лчымазаҩцәа. Даҳҭахуп аневролог. Аполиклиникаҿы ҩыџьа ыҟоуп, аха ахәшәтәырҭаҿы дҳамаӡам. Анестезиолог аӡә иоуп иҳамоу. Аузист дыҟаӡам ахәшәтәырҭаҿы итәаны есымша иҟазҵало. Иаарласны ианаҭаху, иааҳго дыҟоуп", - ҳәа лҳәеит Камлиаԥҳа.
Иара убас ахәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо иазгәалҭеит, ҽынла аҳақьымцәа аус руазар, уахынла иҷаԥшьо аӡә шиаку, аха уи аҭагылазаашьа аԥсахра иашьҭоуп.
Аҳақьым илҳәеит, ковид иахҟьаны есымзы ашьақар чымазара змоу рхыԥхьаӡара ишацло. Дара зыхәшәтәуа дҳамоуп. Ахәыҷқәа зегьы ашәҟәы иҭагалоуп, анаҩс ахәшәқәа еиԥҟьарада ироуларцаз ҳәа азгәалҭеит лара
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.