Ҳҭоурых аҿы аԥсуа -абаза жәлар Жәларбжьаратәи рконгресс аԥҵара даара аҵак дуӡӡа змаз хҭысны иҟалеит, ҳәа азгәаиҭеит Аламиа арадиоефир аҿы. Геннади Аламиа иҳәеит, аҽны аизараҿы дшыҟамыз, усҟан иара Чечентәылаҟа дцахьан.
"Иахьеиҿкааз аҭыԥ уаназхәыцлак, ари ҳҭоурых иузалымхуа, ҳҭоурых иузагәылымԥжәо даҟьа хаданы убас инхеит ҳәа исыԥхьӡоит. Аибашьра ишалагахьазгьы, аҳәаа ахыҵра шымариамызгьы, ҳаиашьаратә жәларқәа Нхыҵ-Кавказынтәи зегьы рхаҭарнакцәа аизара иалахәын. Амчгьы ҳазҭаз, ҳагәгьы шьҭызхызг убри ауп ҳәа исыԥхьаӡоит. Аҭоурых жәытә аахыс символ ҳасабла иҟоуп Лыхнашҭа. Лыхнашҭа-ҳашҭақәа зегьы ирашҭаны иҟоуп. Аизарагьы уа иахьыҟалаз символра ауеит. Ахақәиҭрахь ҳназгаз амҩа Лыхнашҭантәи иалагеит", - ҳәа иҳәеит Аламиа аԥсуа -абаза жәлар Жәларбжьаратәи рконгресс раԥхьатәи аизара ахымҩаԥысыз аҭыԥ далацәажәо.
Ҳара ажәларқәа зеидаҳкылоз ҳаӷәӷәахарцаз акәын, аӷа дҳақәымларцаз, аха адуние зегьы ирбеит, кавказаа аӡәк еиԥш рыҽшеидыркылаз, ари мчы дууны ишыҟалаз ҳәа иҳәеит Аламаиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.